Главное меню
Мы солидарны с Украиной. Узнайте здесь, как можно поддержать Украину.

Аҧсуа бызшәа

Автор Давид Дасаниа, мая 13, 2010, 19:33

0 Пользователи и 1 гость просматривают эту тему.

Давид Дасаниа

     Акыр иаҧсоу сашьцәа, саҳәшьцәа, аҩызцәа! Адунеи иқәу ажәларқәа бызшәак-бызшәак змам аӡәгьы дыҟам. Абраҟа, ишыжәбо еиҧш, дасу ибызшәала атемақәа аҧиҵоит. Арахь сҭалаанӡагьы сцәа иалашәахьан аҧсшәа иазку адаҟьа араҟа ишузымҧшаауаз. Иара уи адагьы иҟоума аинтернет аҿы, ахы инаркны аҵыхәанӡа,  аҧсышәала ицәажәо асаит? Дыҟоума Аҧсны аӡәы, ҳаи, абааҧсы, аҧсуа бызшәа арҿиаразы иҟаҵатәу абри ауп, иҟашәҵа, уи иаҭаху аказы шәеиҵасырхом зҳәо? Уажә сызлагаз аус лшара ҳәа рацәак акгьы аҭахым: мызкы ахьтә ҩынтә-хынтә, шәымбои, аҧсуаагьы ыҟазаап ижәбо ҳәа рҳәаратәа, сызлагаз адаҟьа инацҵо, ахыжәеиҧш ҳгәы иалоу, ма ҳзыргәырҕьо акы ҳналацәажәар, абригьы ҭоурыхк аҿы иаанхоит, мышкызны цҳак ҳақәнагоит... Ҳбызшәа, жәаҳәарада, даараӡа иуадаҩу, зҵара маншәалам, рацәахкыла еилоу бызшәоуп. Еилкаауп, баргәырала аҧсшәа еиҧшу бызшәак бызшәаҧҵаҩык ихы иҭашәашам аҧҵара, аха уи ада хатәы бызшәа змам иҳаҧсыхәозеи? Иҟаҵатәузеи ҳхатәы бызшәа аҧеиҧш ацәымшәаразы? Иарбан проеқту уи зыхьчо? Дарбану уи аус ҧшьа иалаго? Ажәакала, азҵаарақәа еиҳауп аҭакқәа раасҭа. Аха имгәыҕкәа иҧсхьада! Уажә сызлагаз аусгьы иамазааит ҧсынҵрык!

Быстрый ответ

Обратите внимание: данное сообщение не будет отображаться, пока модератор не одобрит его.

Имя:
Имейл:
Проверка:
Оставьте это поле пустым:
Наберите символы, которые изображены на картинке
Прослушать / Запросить другое изображение

Наберите символы, которые изображены на картинке:

√36:
ALT+S — отправить
ALT+P — предварительный просмотр